Гәниаԥҳаи Габалыиеи еиҭарҳәеит апроект "Уаҵәтәи аԥсшәа" алҵшәақәа ртәы
Аԥсуа бызшәа аиқәырхареи ахархәара аҭареи ирызку апроект "Уаҵәтәи аԥсшәа" — актәи ахәҭа ахыркәшарахь инеиуеит. Уи аусура еиднакылеит занааҭла еиҭагаҩцәам, аха хатәы бызшәа бзиаӡан издыруа 395-ҩык ауааԥысра. Апроект "Уаҵәтәи аԥсшәа" анапхгаҩы Анна Гәниаԥҳаи Автономтә икоммерциатәым аиҿкаара "Аԥсны акоманда" аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Дмитри Габалыиеи арадио Sputnik аҟны иалацәажәеит апроект лҵшәақәас иамоу, иахьазы шаҟа ажәа, аҳәоуқәа еиҭаргахьоу, аиҭагашьа ахаҭабзиара зеиԥшроу, иарбан уадаҩрақәоу ирԥыло ртәы. Инеиҵыху аиҿцәажәара — авидеонҵамҭаҿы. Еще больше новостей об Абхазии читайте на нашем сайте: https://sputnik-abkhazia.ru/ Подписывайтесь на нас в соцсетях, там всегда интересно: https://t.me/SputnikAbkhazia https://zen.yandex.ru/sputnik-abkhazia.ru https://vk.com/sputnikabkhazia https://ok.ru/sputnikabk